28.02.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылахьчара аминистр Владимир Ануа дидикылеит.
Ирылацәажәан Украина адгьылҵакыраҿы иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаатәқәа.
Атәылахьчара аусбарҭа ахада атәыла Ар рхада агәра ииргеит Ашәарҭадара ахеилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҵаз анапынҵақәа рынагӡара шымҩаԥысуазы.
«Қырҭтәыла аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы аҭагылазаашьа хылаԥшра амоуп.
Иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа имҩаԥыргоз изаамҭанытәиз арҵарақәа инарымаданы аибашьра иазырхиоуп. Аԥсны Арбџьар мчқәа рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа рынагӡара иазхиоуп»,- иҳәеит аминистр.
Украина ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, Ахада иазгәеиҭеит иарбанпровокацизаалак ақәҿыҭра иазхиазар шакәу.
Аиҧылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Нодар Аҩӡба