23.02.2022
Ареспублика Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилов Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дидныҳәалеит.
“Ҳаҭыр ду зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи ахақәиҭтәыҩцәеи рфырхаҵареи ргәымшәареи ирсимволу Аҧсадгьыл ахьчаҩ имш.
Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рзы ари амш ҷыдала аҵакы амоуп. Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит зхы-зыҧсы иамеигӡакәа, ҭынч инхоз ауааҧсыра рыхьчаразы игылаз, аҧышәара дуқәа ҳанырҭагылаз хьаҵрак ҟамҵакәа ҳадгьыл аҕа ицәызыхьчаз.
Иахьа ҳрыдныҳәалоит иара убас ҳҭынчра еиламгарц азы аррамаҵураҿы иҟоу: асолдаҭцәа, амшынуаа, асержантцәа, аофицерцәа. Аҧсадгьыл ахьчаразы игылоу, ҧхьатәара иҟоу, уажәы аррамаҵзурахь зхы хоу зегьы.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, ари амш шьахә аҽны гәык-ҧсык ала Аҧсны ауааҧсыра, ҭаацәацыҧхьаӡа ирзеиҕьасшьоит анасыҧ, аҳәоуеиқәшәара, аветеранцәа - агәабзиареи ашықәснҵыреи, асолдаҭцәеи аофицерцәеи -ақәҿиарақәа аррамаҵзураҟны. Агәымшәареи афырхаҵареи згым ауаа ирныҳәоу ари амш есқьынгьы аҭынчреи агәырҕьареи ацны имҩаслааит”.