Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ԥасатәи ахада А.Б.Каноков ииубилеи идиныҳәалеит

22.02.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ԥасатәи ахада, Урыстәылатәи Афедерациа асенатор Арсен Каноков ииубилеи идиныҳәалеит.


"Ҳаҭыр зқәу Арсен Башир-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәлоит Шәиубилеи.

Шәара аԥышәа змоу аҳәынҭқарратә усзуҩы, хьаҵрак ҟамҵакәа зхықәкы иазнеиуа аполитик, аџьатә усура аамҭақәа зегьы раан шәхы аашәырԥшуеит зыҩаӡара ҳараку апрофессиаонал иаҳасабала.

Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ахадас шәаныҟаз, Шәара атәыла аизҳазыӷьареи аҿиареи рус аҟны шәлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп. Иахьагьы шәыжәлар рыхьӡала ааԥсарада аусура шәаҿуп.

Ҳаҭыр зқәу Арсен Башир-иԥа, Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарразы ҩыза дууп.  
Абри аныҳәамш аҽны гәыкала ишәзеиӷьасшьоит шәыгәҭакқәа қәҿиарала рынагӡара, лыҵшәа змоу аусура, анасыԥ".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org