Ахада Ареспублика Казахсҭан иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Ахада Ареспублика Казахсҭан иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Аҵыхәтәантәи амшқәа Казахсҭан Ареспубликаҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа даара ҳгәы арҭынчуам. Иаартны ажәылара, аимҵәарахь ииасыз аҿагыларатә акциақәа Казахстан Ареспублика атәылауаа рыԥсҭазаара аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭоит.  

Аконституциатә шьақәгылашьа, ашәарҭадара, аҳәынҭқарра акзаара аҵшәааразы иҟоу аҽазышәара адәныҟантә иаауа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рыҽрылагалара атәы рҳәоит.

Изакәаным акциақәа ирылагалоуп иазыҟаҵоу, адәахьала еиҿкаау абџьарла еибыҭоу агәыԥқәа. Абри афакт атәы иҳәеит Казахсҭан Ареспублика Ахада К.-Ж.К.Токаев .
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Казахсҭан Ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа ҭынч инхо ауааԥсыра ршәарҭадара ахылаԥшреи аҵак ду змоу аинформациатә инфраструктура аобиектқәа рыхьчареи ирызку аконтртеррористтә аоперациа мҩаԥыргоит.

2022 шықәса ажьырныҳәамза 6 рзы Казахсҭан Ареспублика Ахада иҟаиҵаз ааԥхьарала Аколлективтә шәарҭадара Ахеилак азыӡба аднакылеит Еидҵоу абжьаҟазаратә мчқәа иԥку аамҭак аҩныҵҟа атәылаҟны аҭышәынтәалара хықәкыс иҟаҵаны Ареспублика Казахсҭан ашҟа адәықәҵаразы.
  
Ҳара Казахсҭан Ареспублика изакәану анапхгара азинтә леишәа ашьақәыргылареи атәыла ауааԥсыра ршәарҭадара алыршареи рзы имҩаԥнаго аусқәа ҳрыдгылоит. Ҟалашьа амаӡам ҳәа иҳаԥхьаӡоит изакәанымкәа ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа аҩныҵҟатәи русқәа рыҽрылагалара, аҳәынҭқарра анҭыҵынтә напхгара зуа агәыԥқәа рыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара аилагареи, уи инашьҭарххны амчхара анапаҿы аагареи хықәыс иаҭаны.  

Казахсҭан ажәлар ирзеиӷьаҳшьоит аҳәынҭқарра ахьынӡанаӡааӡо зехьынџьара хара имгакәа азакәанра аиҭашьақәыргылара, иара убас аҭынчра, аизҳазыӷьара.


Возврат к списку