30.12.2021
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳазҭалараны иҟоу Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭалараны иҟоу Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәа лашеи. 2021ш. иҩызаратәи астратегиатә еидгылареи шьаҭас измаз аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа аман.
Агәра згоит, иалыршоу алҵшәақәа шьаҭас иҟаҵаны, аҧхьаҟа ҳзеиҧш усура шҳарӷәӷәо еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны аҩ-ганкгьы иаҳзыфеидоу аусеицура арӷәӷәаразы - аиҩызара зыбжьоу ҳажәларқәеи Нхыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьӡала.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, Аҧсны атәылауаа - ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи".