Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

20.12.2021

Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩы имш рыдиныҳәалеит.  
  

«Аҩызцәа аофицерцәа! Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа иара убас аветеранцәа ишәыдысныҳәаларц сҭахуп шәзанааҭтә ныҳәа!
Шәара ҳтәыла амилаҭтә шәарҭадара, асуверенитет ахьчара шәаҿуп. Шәара шәусура улаԥш иҵашәо иҟаӡам. Аха есҽнытәи шәусура ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәырхара иазкуп»,- аҳәоит адныҳәалараҿы.

Ахада иаҵшьны иҳәеит ҳаҭыр змоу, убри аангьы иуадаҩу азанааҭ ҷыдала азыҟаҵара, ахамеигӡара, агәымшәара шаҭаху. «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа ахаангьы иҳараку рыпрофессионализм аадырԥшуан хьӡи-ԥшеи рыла инарыгӡоз руснагӡатәқәа рыҟны.  
Хықәкыла иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аветеранцәа, ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара».
Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа раҳәаны, зегьы ирзеиӷьеишьеит рнапы злаку аусқәа рыҟны аихьӡарақәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org