20.12.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ладариа Инар Игор-иԥа Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩыс иаҭаразы.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53 апункт 8 инақәыршәаны Ладариа Инар Игор-иԥа даҭазааит Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩыс".