Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит иҟоу Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟаз аҷыдалкаатәи амчнаӡазмоуи Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба изы.
«Дырхынҳәзааит Ахба Игор Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟаз аҷыдалкаатәи амчнаӡазмоуи Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟнытә даҽа усурак ахь ииасра инамаданы», - аҳәоит аҳәынҭқарра Ахада 2021 ш.ԥхынҷкәымза 16 рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа аҟны.