Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Лаҭатәи атрагедиа инамаданы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

14.12.2021

Ахада Лаҭатәи атрагедиа инамаданы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лаҭатәи атрагедиа инамаданы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Иахьатәи амш ҳажәлар зегьы рзы игәыҭшьаагоу, итрагедиатәу мшуп.

29 шықәса раԥхьа, 1992 ԥхынҷкәынмза 14 рзы иҟалаз ахҭыс бааԥс уаҩы даршанхоит уи иацу агыгшәыграла. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапала иҭархан амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтә Гәдоуҭаҟа ауааҧсыра алызгоз авертолиот.

Ари амш 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны арыцҳара ду зцу, зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу мшуп. Асабицәа, аҳәса, абыргцәа рҭархаразы имҩаԥгаз уаҩы ихаҿы изаамго ари ақәыларатә акт аҟны иҭархан 80-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Аҭоурых аҿы иҟоуп ахааназы уаҩы игәы иҭнымҵәо ацәгьоурақәа. Абас иҟалеит ҳажәлар наунагӡа имӷьаӡо ахәра рзынзыжьыз Лаҭатәи атрагедиа.

Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ари аҩыза ахлымӡаах уаҳа иҟамларц азы.

Иага аамҭа царгьы, ргәалашәара лаша ҳацзаауеит 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы гәымбылџьбарала иҭадырхаз. Рыԥсқәа ҭынчзааит харада иҭархаз ҳауаажәлар, инымҵәаӡо рхьаа рыцеиҩаҳшоит урҭ рыуацәа, рҭынхацәа».    


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org