Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс иаҭаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарратә мчхара иреиҳаӡоу аусбарҭақәеи амаҵзуратә хаҿқәеи рыхьчаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 8 ахәҭа 2 -еи «Арратә маҵзура ахысразы Аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟеи инарықәыршәаны,
1. Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс даҭазааит Дбар Дмитри Сергеи-иԥа.
2. Амилициа аполковник Дбар Дмитри Сергеи-иԥа ихҵазааит арратә полковник ихьӡ».