02.12.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара (Аиҳабыра) рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 5 ахәҭа 3 инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҟнытә ихы дақәиҭтәзааит Дбар Дмитри Сергеи-иԥа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа рынагӡара аамҭала идҵазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ аинрал-амаиор Ажьиба Руслан Александр-иԥа".