Ахада агәаҭаратә ныҟәара аҳәаа иҭагӡаны Гәылрыԥшь араион даҭааит

Ахада агәаҭаратә ныҟәара аҳәаа иҭагӡаны Гәылрыԥшь араион даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны Гәылрыԥшь араион аҟны Инвестпрограммала имҩаԥысуа аусурақәа рцашьа ибеит.

Гәылрыԥшь араион Администрациа ахада Аслан Бараҭелиа аҳәынҭқарра ахада адырра ииҭеит Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны амҩақәа быжьба рыҟны арҽеирақәа шымҩаԥгоу азы.

Аслан Бжьаниа дахәаԥшит Гәылрыԥшь араион аҟны 1,5 км иҟоу акаҭран зықәҵоу  Баҳадыр Абаӷба имҩа аҭагылазаашьа.
Гәылрыԥшь араион ахада иажәақәа рыла, иахьа ари амҩа аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи еицырдыруа мҩоуп, аха ҩышықәса раԥхьа ари амҩала аныҟәара алшомызт.
Бараҭелиа иазгәеиҭеит аобиект ахарџьынҵатә хәыԥса 6,375 млн мааҭ шартәаз.  
Иара убас ахада дахәаԥшны ибеит 11 млн 205 нызқь мааҭ зхарџьыԥса артәаз «Акурорттә» мҩаҟны иҿыцны акаҭранықәҵара амҩаԥгара шыҟаҵаз.
Аџьармыкьа агәаҭара анаҩс Аслан Бжьаниа зҿлымҳара аиҭеит Миасниково ашҟа ицо амҩа аиҭашьақәыргыларазы имҩаԥгаз аусура. Ара иара убас аҿҳәара ахыркәшараҟынӡа иқәҵан 1,5 км акаҭран.
Иааиуа ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп амҩа адгьылҳәазаратә ҭыԥ 200 метра рҟынӡа аиҭашьақәыргылара. Ари апроект ахәԥса иартәоит 4 млн 215 нызқь мааҭ.

Аслан Бжьаниа иара убас ибеит Допуаарқыҭ аҟны Кәыдры маҷ аӡиас иху ацҳа.  
Ари ацҳа хырбгалан 2021 шықәса нанҳәамзазы иҟаз амш бааԥсқәа ирхырҟьаны. Аҳәынҭнаплакы «Аԥсныҿықәхьчара» 5 млн мааҭ рыхә ахарџьынҵа азнархиеит ацҳа аиҭашьақәыргыларазы, избан акәзар аӡы анхыҵуа араион ауааԥсыра аԥхасҭа ду рнаҭоит.  

Аныҟәарақәа рхыркәшамҭаз Ахада араион анапхгара ирыдиҵеит аинвестпрограммала имҩаԥысуа аусурақәа рыҿҳәарақәа ирҭымҵырц.  


Возврат к списку