Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа рыцхантәаҩы Аише Џьихан Султаноглы дидикылеит

Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа рыцхантәаҩы Аише Џьихан Султаноглы дидикылеит


Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵкавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа рыцхантәаҩы, 2018 шықәса раахыс Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа рыҟны ЕАР ахаҭарнакс иҟоу  Аише Џьихан Султаноглу дидикылеит.

Аиԥылара далахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр Ақаҩба Даур.  

Џьихан Султаноглу Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиԥыларазы, иагьазгәалҭеит ԥхынҷкәынмза 7-8 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа 55-тәи рраунд аламҭалазы излацәажәатәу  азҵаарақәа жәпакы шыҟоу .

Нхыҵкавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа мҩаԥысуеит Алада Уаԥстәылан иҟаз 2008  шықәса нанҳәамзазтәи ахҭысқәа рышьҭахь иалыршаз аиқәшаҳаҭрала 2008 шықәса жьҭаарамза инаркны.

Ҳазҭагылоу аамҭазы ари аҭып заҵәык аҟноуп Аԥсни, Алада Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог ахьымҩаԥысуа.  

Адискуссиақәа бжьаҟазаҩцәас иалахәуп Урыстәыла, ЕАА, иара убас ЕАР, ОБСЕ, Европатәи аидгыла ахаҭарнакцәа.


Возврат к списку