Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа агәаҭарақәа рымҩаԥгара хықәкыс измаз аусуратә ныҟәарала Гәдоуҭа араион даҭан.
Аҳәынҭқарра Ахада 2020-2022 шш. Ареспублика асоциал-економикатә ҿиара ацхааразы аинвестициатә программала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡашьа дахәаԥшит.
Гәдоуҭа араион Администрациаҟны Ахада араион актив алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Араион аҟны ҳазҭоу ашықәс азы жәымзтәи аусуреи, 2022 шықәсазы иазгәаҭоу апланқәеи, иара убас анхамҩатә усуреи, абиуџьет анагӡашьеи, ашәахтәқәа рааимҭақәеи, ашәатәқәеи, аепидимиологиатә ҭагылазаашьеи, афымцамч ахархәаразы ахәԥса ашәареи, акриминогентә ҭагылазаашьеи ирызкын Администрациа ахада Баграт Боџьгуа иқәгылара.
Аилацәажәараҟны ирзааҭгылан араион аҟны аҵара асистемеи ақыҭанхамҩеи рҭагылазаашьа.
Уи ашьҭахь аҳәынҭқарра Ахада аковидтә хәышәтәырҭа даҭааит.
Аслан Бжьаниа дазҵааит ахәышәтәырҭа аусушьа, ҳазҭагылоу аамҭазы зыда ҧсыхәа ыҟам ахәшәқәа рыла аиқәыршәара, иагу уҳәа уб.егь.
Аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит ахәышәтәырҭаҟны ишьақәыргылоу акомпиутертә томограф еиҧҟьарада аус шауа. Шамба иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Агәабзиарахьчара аминистр Е. Быҭәба иҳәеит хара имгакәа ацхыраагӡатә генератор аахәареи ашьақәыргылареи шазгәаҭоу.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳақьымцәеи амедицинатә усзуҩцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит хамеигӡарак ҟамҵакәа имҩаҧырго аусуразы. «Шәара шәмиссиа есқьынгьы ауаҩышәара зцу занааҭын. Агәабзиара, аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит»,- иҳәеит, аҵыхәтәан А.Бжьаниа.
Иахьа иара убас Ахада Абгархықә ақыҭа даҭааит. Ара аӡымҩангага система аргылареи Афон ҿыц аӡымҩахгара асистема шьаҭанкыла арҿыцразы аусуреи гәеиҭеит. Арҭ аусурақәа мҩаҧысуеит 2020-2022 шш. Анвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Агәаҭаратә ныҟәарақәа реихшьалақәа рыла аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аобиектқәа рыҟны уажәы иахьынӡааихьоу ала аусура ахаҭабзиара шыцәгьам.
"2020-2022 шш. Аинвестпрограммала иазԥхьагәаҭоу аусурақәа реиҳарак ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәареи ацрыҵтә системақәа реиҭашьақәыргылареи ирыдҳәалоуп, сахьахәаԥшуа аусурақәа рылҵшәақәа цәгьаӡам, уамак аҿҳәара ацәхьаҵрақәа ыҟаӡам, Уажәаԥхьа ишысҳәаз еиԥш, Аинвестпрограмма анагӡара шымҩаԥысуа гәасҭалоит, избанзар уи хықәкыла ҳтәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара иадҳәалоуп. Убри аҟнытә сара сзы акраҵанакуан абас еиԥш агәаҭаратә ныҟәара, иалкаау аихшьалақәа ҟасҵеит, аԥхьаҟагьы Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭеи аргылаҩцәеи ацхыраара раҳҭалоит, ари атема уаҳа ҳазымгьежьыртә еиԥш.
Макьана зегьы цәгьамкәа ицоит", - иааркьаҿны аихшьала ҟаиҵеит Ахада.