Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Никарагуа Ареспублика Ахадеи Ахада Ихаҭыԥуаҩи алхрақәа рыҟны аиааира агара рыдиныҳәалеит

09.11.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа        

  «Ҳаҭыр зқәу Ахада шәхацкы, ҳаҭыр зқәу Ахада Ихаҭыԥуаҩ шәхацкы!

Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо шаҳаҭра азуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Никарагуа Ареспублика ахада иалхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира.  

Амаҵзура дуӡӡахь шәалхра иарҵабыргуеит Шәара аполитикаҟны ишәымоу ахьӡ, аҳаҭыр, Никарагуа Ареспублика ажәлар аҳәынҭқарра напхгараҭараҟны шәусура ахырхарҭа адгылара шарҭо.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҷыдала иазнеиуеит аиҩызареи аилибакаареи шьаҭас измоу аԥсны-никарагуатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара.

Сара агәра згоит аҳәынҭқаррабжьаратә усеицзура наҟ-ааҟ ҳажәларқәа рзы акрызҵазкуа аусхкқәа зегьы рыҟны анагӡара шроуа. Сгәы иаанагоит ҳалшарақәа реицҵарала аԥсны-никарагуатәи аусеицзура аҳәаақәа есааира рыҽдырҭбаалоит ҳәа.  

Аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр зқәу Ахада шәхацкы, ҳаҭыр зқәу Ахада  Ихаҭыԥуаҩ шәхацкы, азин сышәҭозар, ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, ишәзеиӷьасшьоит  Никарагуа Ареспублика аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыҟны аихьӡарақәа».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org