05.11.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Џьениа Е.В. «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аԥсны амузыкатә ҟазара аҿиараҟны ллагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит ЏЬЕНИА Есма Виқтор-иԥҳа – . Р.Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы»