Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

02.11.2021

Ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистр изы.

Абри инақәыршәаны Дмитри Дбар иахьа имаҵзуратә напынҵақәа рынагӡара нап аиркит.

Иара убри Аусҧҟала Аҳәынҭқарра Ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  актәи ихаҭыҧуаҩ Руслан Ажьиба Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала инапынҵақәа рынагӡараҟнытә ихы дақәиҭитәит.  

"Ас еиҧш иҟоу ахҭысқәа аҧхьаҟа аҭыҧ рымамзароуп. Мызкы атәылауаа абри аус иалацәажәоит. Сара аӡбамҭа сыдыскылеит шәара алеишәатә лахь шәыҭаразы, убри аан иахьарнахыс шәара аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵзураҿы шәыҟазаауеит", - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар  ари ахҭыс инамаданы игәаанагара иҳәеит.

"Сара схаҭа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иҭаацәараҿы сиит,  исызҳауан аветеранцәа рааигәа. Аҧхьатәи амш инаркны сара исҭахын аветеранцәа раҧхьа аҭамзаара шьҭасҵарц, рнапы рымысхырц, аха уи аҩыза аҭагылазаашьа смоуит.

Исымоу алшара схы иархәаны исҭахуп аҭамзаара шьҭасҵарц иҟалаз азы. Ари аҩыза ҟамлароуп, ажәагьы шәысҭоит уаҳа ишыҟамло азы. Алахьаҭара исышәҭаз сақәшаҳаҭуп, смаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡара сазхиоуп. Даҽазныкгьы иазгәасҭоит, цәыббрамза 30 рзы аҭыҧ змаз аҩыза ахҭысқәа рҩыза уаҳа иҟалараны иҟаӡам",-иҳәеит Дмитри Дбар.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org