28.10.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит Урыстәылатәи Афедерациа аҧыза-министр Ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Новаки иареи реиҧылара.
А. Бжьаниеи А. Новаки Аҧсны Аҳәынҭқарра фымцамчла аиқәыршәара аиӷьтәразы Амҩатә хсаалеи газла аиқәыршәареи рзы асхьема хада азырхиареи ирызкыз азҵаатәҭқәа, иара убас аҧсны-урыстәылатәи аганқәа русеицзура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Валери Папба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.