27.10.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит УА Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви иареи реиԥылара.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аҳәаа ахысраҟны ашәарҭадареи Агәаҭара аужьратә пункт «Ԥсоу» аҟны аусура арежими, иара убас аекономика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны ашәарҭадареи ирызкыз азҵаатәқәа.