26.10.2021
Иахьа Москва имҩаҧысит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Козаки реиҧылара.
Ирылацәажәан аҧсны-урыстәылатәи аусеицзура иазку азҵаатәқәа жәпакы, ҷыдала, 2022-2025шш.рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә аҿиара иазку азҵаарақәа.
Аиҧылара иалахәын Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Валери Папба, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.