13.10.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Никита Симониан 95 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
“Ҳаҭыр зқәу Никита Павел-иҧа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә 95 шықәсашәхыҵра амш!
Шәара шәыҧсҭазаара зегьы ашьапылампыл иазкны, шәдыррақәеи шәыпрофессионализм ҳараки шәхы иархәаны ишәылшаз рацәоуп уи аларҵәареи аҿиареи рзы. Хьӡи-ҧшеи змоу Шәара шәыхьӡ адунеи зегьы иалаҵәахьеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарразы Шәара шәгәадуроуп, Аҧсны жәлар иҭабуп ҳәа шәарҳәоит аспорт инадҳәаланы ҳтәыла ахьӡ ахьҭыжәго азы.
Ҳаҭыр зқәу Никита Павел-иҧа, абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, еицамкуа агәамч”.