11.10.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Арбџьар Мчқәа аԥҵоижьҭеи 29 шықәса аҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
«Аҩызцәа, аофицерцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә ныҳәа - Аҧсны Арбџьар мчқәа рымш зыҧсҭазаараҿы Аҧсадгьыл ахьчара ус хаданы иалызхыз зегьы.
Ҳара ҳархәҭақәа рдоуҳатә мчи рпатриоттә уалҧшьеи еихарҳауеит шәышықәсала итрадицианы иаарго Аҧсны ахьыҧшымреи ахақәиҭреи ахьчаҩцәа ргәымшәарала, рфырхаҵарала.
28 шықәса раҧхьа ҳара ҳ-Арбџьар Мчқәа аибашьра азыҟаҵареи архәҭақәеи ажәлари ракзаареи рзы аԥышәара ду иахысит. Ҳтәыла аҽеибыҭаны аҭоурыхтә аамҭа кьаҿк иалагӡаны излагаз аибашьра ду аҟны ахыхьчареиԥш, иалшеит ар ҿыц аԥҵара.
Иахьа Арбџьар Мчқәа иреиҳау астратегиатә ԥыжәара анаҭоит Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра акзаара аиқәырхареи атәылауаа рыҧсҭазаара ахьчареи.
Убри аан, макьанагьы аибашьразы ашәарҭара аныҟоу ҳара иаҳҭахуп акзаара, иара убас аҭынч ҧсҭазаара аҟны ицәырҵуа апроблемақәа рҟынгьы. Амчра иалшо рацәоуп, аха уи амилаҭ зегьы адгылара анарҭа, урҭ алшарақәа акырӡа еиҳахоит.
Аҧсны Арбџьар мчқәа ирыдҳәалоу, ҳҳәынҭқарра акзаареи ҳҭынчреи зыхьчо зегьы ишәзеиӷьасшьоит арратә ус аҟны апрофессионализм, хьӡи-аԥшеи шәыгымкәа, апатриотизм еиқәырханы аԥхьаҟа анагара.
Шәҭаацәеи шәҭынхацәеи рыла шәгәы ҭынчзааит, дара рыдгылара, рыбӷа шәымазааит есқьынгьы».