07.10.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!
Милаҭрацәала еилоу Аҧсны жәлари Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш.
Шәара аиашазы, адунеитә мҽхаки аҭоурыхтә ҵаки змоу ԥхьагылаҩуп. Шәара шәнапхгарала Урыстәыла адунеии ашәарҭадареи, ихадоу жәларбжьаратәи азинқәа рыпринципқәеи рыхьчараҟны иналукааша ароль назыгӡо, Мчызмоу тәылак аҳасабала аиҭеира алшеит.
Ахә ашьара уадаҩуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ашәарҭадареи, асоциалтә-економикатә усеицзуреи, акультуратәи агәыҳалалратәи еимадарақәа рырӷәӷәараҟны ҳасабтәқәеи рынагӡараҟн Шәара хаҭала шәлагаламҭа. Агәра згоит, ас еиҧш зышьаҭа ӷәӷәоу ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа есааира ишыҿиало, ишеизҳало.
Владимир Владимир-иҧа, аҵак ду змоу абри амш аҽны, гәыла-ҧсыла ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч аҭакҧхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аихьӡара ҿыцқәа, аурыс жәлар зегьы - аҭынчреи, аизҳазыӷьареи».