Ахада Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа цәыббрамза 27 рзы аҳҭнықалақь аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын.

Иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭынхацәа.  


Возврат к списку