Ахада Аҧсны жәлар Аҟәа ақ. Аҳәынҭсовет роккупациатә ар рыҟнытә ахы иақәиҭтәхеижьҭеи 28 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аҟәа ақ. Аҳәынҭсовет роккупациатә ар аҟнытә ахы иақәиҭтәхеижьҭеи 28 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит.

"Ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет аҟынтә ахы иақәиҭтәуижьҭеи 28 шықәса аҵра амш.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аҟәа ақ. Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет роккупациатә ар аҟнытә ахы иақәиҭтәхеижьҭеи 28 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит.

"Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет аҟынтә ахы иақәиҭтәуижьҭеи 28 шықәса аҵра амш.

1993 шықәсазы цәыббрамза 27 аҽны акыр аҧсҭбарақәа ахҭынҵаны ақәылаҩ куакьцыҧхьаӡа ипымпыҵхуа, ажәыларақәа ианрылага рнаҩс 11 мшы ааҵуанеиҧш, ҳара ҳархәҭақәа Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы  иақәиҭыртәит, Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит.  

Ари ахҭыс ду иахылҿиааит Аҧсны аҵакырадгьыл зегьы аҟны ахақәиҭтәразы ихацыркыз ажәылара, аиааиралагьы ихыркәшахаз.
Абри аҽны иаанкылан ижәытәӡоу  ҳҭоурыхтә баҟақәеи, архивқәеи, амузеиқәеи  рықәхра, ҳажәлар адунеи аныхреи ҳҭоурых аицакразы иҟаҵаз аҽазышәарақәеи.

Гәык-ҧсык ала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә  еибашьра аветеранцәа, ирыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь ауааҧсыра зегьы Аҟәа ахақәиҭтәра амш.
Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, анасыҧ, аизҳазыӷьара!"


Возврат к списку