24.09.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Чеха Вадим Витали-иԥа "Ахьӡ-Аԥша " аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
"Аԥсны Аҳәынҭқарразы зыквалификациа ҳараку акадрқәа разыҟаҵареи рааӡареи рыҟны аҵак ду змоу илагаламҭазы Чеха Вадим Витали-иԥа ианашьазааит "Ахьӡ-Аԥша " аорден III аҩаӡара".