Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ашәба А.Е. Аҧсны Аҳәынҭқаррра абаҩрҵәыреи аспорти зыҽрыҧсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы

24.09.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Ашәба А.Е. Аҧсны Аҳәынҭқаррра абаҩрҵәыреи аспорти зыҽрыҧсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

"Абаҩрҵәыреи аспорти русхк аҟны акыршықәсалатәи иусуреи иҳараку ипрофессионализми рзы "Аҧсны Аҳәынҭқарра абаҩрҵәыреи аспорти зыҽрыҧсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Ашәба Анатоли Елызбар-иҧа".



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org