Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ажьиба Р.А. "амилициа аинрал-маиор" ҳәа ахьӡ ихҵаразы

21.09.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит  Ажьиба Р.А. "амилициа аинрал-маиор" ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡ ихҵаразы.

Аусԥҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"1996 ш. ҧхынҷкәынмза 18 аҟн. (УП-13 1997 ш. хәажәкырамза 4 аҟн; 1998 ш. ҧхынгәымза 22 аҟн., УП-62; 2017ш. цәыббрамза 11 аҟн. УП-208 аҧсахрақәа зцу)
Аҧсны  Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала ишьақәырӷәӷәоу УП-104 Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟны Аԥҟара инақәыршәаны,
амилициа аполковник Ажьиба Александр Руслан-иҧа, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, акриминалтә милициа аиҳабы ихҵазааит "амилициа аинрал-маиор" ҳәа изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡ".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org