07.09.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика Ахада Рашьыд Темрезов Ареспублика амши Черқьеск ақалақь амши идиныҳәалеит.
«Ишәыдысныҳәалоит Шәареи милаҭрацәала Ҟарачы- Черқьеск иқәынхо атәылауааи шәмилаҭтә ныҳәа - Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика амш.
Иахьа ҞЧА – ауаҩы игәы раҳаҭны дахьынхо, зегь рыла акыр уздызыҧхьало регионуп. Шәара шәнапхгарала иалыршоуп асоцалтә-економикатә ҭышәынтәалара, иҿиоит абизнес, иара убас атуристтә усхкы.
Рашьыд Борис-иҧа, Аҧсны жәлар рзы ахаангьы хашҭра амаӡам ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара анымҩаԥысуаз, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы Ҟарачы-Черқьескынтәи хатәгәаҧхарала Аԥсны ахьчараз иааны ҳаибашьцәа ирыдгылаз.
Ҳарҭ еснагь аҿиареи, ҳаиашьаратәи ҳаиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ҳазхиоуп.
Гәык-ҧсыкала Ҟарачы-Черқьеск иқәынхо ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара».