06.09.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны иҟоу ауриатә уаажәларра ирыдиныҳәалеит Ауаҩы ишара амш.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Аҧсны иҟоу ауриатә уаажәларра ахаҭарнакцәа гәык-ҧсыкала ирыдысныҳәалоит Рош ха-Шана аныҳәа, Ауаҩы ишара амш.
Иааиуа ашықәс азы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Зегь зымчу иҟнытә арыцҳашьара".