26.08.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа атәыла анапхгара Урыстәыла Аҧсны Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 13 ш.аҵра инамаданы нанҳәамза 26 рзы Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аҧша Амемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҧсны иҟоу Алада Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, иҭахаз рҭынхацәа, ауаажәларра.
Иахьа аусмҩаҧгатә иалахәыз иара убас ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан Алада Ешыра ақыҭаҿы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь иҳаҭгәын аҿы Џьгьарда ақыҭан.