Ахада Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит

Ахада Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар аҳәынҭқарратә ныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш.

Ари аныҳәа ҳҭоурых ҿыц аҟны уажәааигәа акәзаргьы ианцәырҵ, иара еиднакылеит ахьыҧшымрамҩа ианыз ҳара ҳажәлар зыниаз ауадаҩрақәеи ирымаз аихьӡарақәеи.
Урыстәыла аганахьала Аҧсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара ииашаҵәҟьаны ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акрызҵазкуа хҭысны, аиашара аиааира агара шьақәзырӷәӷәо актны иҟалеит. Ҳтәыла иаиуит аҭынчра, ашәарҭадара, аҿиаразы алшарақәа.  

Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауеит ҳара ҩызара ҳзызуа Урыстәылеи ҳареи ҳаимадара, уи азы ҳара есқьынгьы иҭабуп ҳҳәоит.

Абри аныҳәа амш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭышәынтәалара, аҭынчра, Урыстәыла аизҳазыӷьара, избанзар Урыстәыла шаҟа иӷәӷәоу аҟара, адунеи аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи ҟалоит.

Ҳара иара убас ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа, ҳтәылауааи ҳҩызцәеи ари амш ааигәатәра зхы-зыԥсы иамеигӡаз, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира ҳзыргаз ҳԥыза, анаҩс жәларбжьаратәи азхаҵара зыхьӡ адҳәалоу Сергеи Багаԥшь.  

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, гәык-ԥсыкала зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аизҳазыӷьара!

  Нагӡара ақәзааит Аҧсны Аҳәынҭқарра!"


Возврат к списку