23.08.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ А.В. Новак Иирамш идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Валентин-иҧа!
Ишәыдышәкыл шәиубилеи инамаданы гәык-ҧсыкала иҟаҳҵо адныҳәалара .
Аҭакҧхықәра зцу шәусураҿы иреиҳау аихьӡарақәа риура шәылдыршоит аҳәынҭқарратә маҵзураҿы ишәымоу аҧышәа, шәыпрофессионализм ҳаракы, шәгәамч.
Шәара хаҭала иҟашәҵо анырра, ацхыраара иабзоураны Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциалтә-економикатә усеицуразы актуалра злоу азҵаарақәа ирласны рыӡбара алыршахоит. Гәахәарыла дула исгәалашәоит Москва усуратә визитла сыҟазааран имҩаҧысыз ҳусуратә еиҧыларақәа.
Шәиубилеитә ныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Валентин-иҧа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, ахирра, еицакра зқәым агәамчи Урыстәыла ахьӡала аҧхьаҟатәи аихьӡарақәеи.