15.08.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Хатәгәаԥхарала еибашьҩуаз имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
"Иахьа Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз имш азгәарҭоит. Ари аныҳәа аԥҵоижьҭеи рацәак шымҵуагьы, ҳтәыла иахьатәи аҭоурых аҟны ҷыдала иазгәарҭо рыцхәны иҟалеит.
1992 шықәса нанҳәамза 15 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҩбатәи амш инаркны аԥсуаа инарывагылеит Аҩада Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә хатәгәаԥхарала иааз рашьцәа.
Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥараан Аиааира Амш арааигәараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рроль.
Шәҩыла Аҩада Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылеи рыҟнытә, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа раара ҳажәлар ргәы шьҭнахит, Аиааиразы ирымаз агәрагара арӷәӷәеит.
Иахьа ҳара ҳхырхәоит Аԥсны Ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рыхьӡала. Урҭ иҟарҵаз, ирылдыршаз аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟалоит аиаша азықәԥара аус аҟны.
Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит арҭ Афырхацәа зааӡаз анацәеи абацәеи.
Аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵароуп хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи, урҭ рҭаацәеи ганрацәала ацхыраара рыҭаразы.
Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы хацәнмырха иҳавагылаз, ҳашьцәа!
Рыхьӡ кашәара ақәымзааит Афырхацәа!"