Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

А. Бжьаниа: «2008 шықәса нанҳәамзазтәи ахҭысқәа раан ҳара ҳажәларқәа зҭагылаз аԥышәара ӷәӷәа хьыӡла-ԥшала иалҵит»

08.08.2021

А. Бжьаниа: «2008 шықәса нанҳәамзазтәи ахҭысқәа раан ҳара ҳажәларқәа зҭагылаз аԥышәара ӷәӷәа хьыӡла-ԥшала иалҵит»

Алада Уаԥстәыла 2008 шықәса нанҳәамзазтәи ахҭыс хлымӡаахқәа ргәаларшәара иазку аусмҩаԥгатәқәа ацара иаҿуп.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәразы Аладатәи Уаԥстәыла иаҭааз Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аофициалтә делегациа алахәцәеи «Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа» рмемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Анаҩс, аделегациа урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭақәа ахьгылоу аҭыԥ иаҭааит, ара 2008 шықәса нанҳәамзазы иҭахаз урыстәылатәи абжьаҟазацәа ргәалашәара ахьӡала ишьақәыргылоу Аџьар баҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови аладауаԥстәылатәи ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит.

Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, Аслан Бжьаниа, ҷыдала, иҳәеит: «2008 шықәса нанҳәамзазтәи ахҭысқәа раан ҳара ҳажәларқәа зҭагылаз аԥышәара ӷәӷәа хьыӡла-ԥшала иалҵит».

Иара убас иахьа ашәҭқәа шьҭарҵеит 2008 шықәса нанҳәамзазы фырхаҵарала иҭахаз Денис Ветчинов ибаҟаҟны.

Афырхаҵа ибаҟа амҵан Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови Алада Уаԥстәыла Ахада иҟаиҵаз ааԥхьарала ара иҟаз Денис Ветчинов иԥшәмаԥҳәыси иԥҳаи еибабеит, Аԥсны  Ахада иҭахаз иҭаацәа Аԥсныҟа ааԥхьара риҭеит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org