07.08.2021
Алада Уаҧстәыла Ареспубликаҿы 2008 ш. нанҳәамзазтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәоит.
Иахьа ахәылбыҽха Зара амҩа аханы "Иццышәыртәыз аҧсқәа рмузеи" аҟны имҩаҧысит агәалашәаратә акциа.
"Агәырҩа асимвол" Амонумент аҟны алахьеиқәҵаратә музыка абжьы зцыз ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын: Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аладатәи Уаҧстәыла-Аланиа Ахада Анатоли Бибилов, Аҩадатәи Уаҧстәыла - Аланиа аамҭала Ахада инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Мениаило, Алада Уаҧстәыла иҟоу Урыстәыла Афедерациа Иҷыдоуи Азинмчызмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Мараҭ Кулахметов, Алада Уаҧстәыла актәии ахҧатәии Ахадацәа Лиудвиг Чибиров, Леонид Тибилов, ауаажәларра, иҭахаз рҭынхацәа.
Азгәаҭа: 13 ш. раҧхьа аҭынч уааҧсыра рыҧсҭазаара аиқәырхаразы ибылуаз Цхьынвал ааныжьны «аҧсҭазаара амҩала» рҿанынарха, ақырҭуа архәҭақәа урҭ ирыхьӡаны аӡәаӡәала инарҿагыланы иреихсны иршьуан.
Уажәы ари аҭыҧ аҟны иҟоуп иблу автомашьынақәа рыла иаарԥшу «Иццышәыртәыз аԥсқәа рмузеи".