06.08.2021
Шьыбжьышьҭахь Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа Аԥсны аделегациа Алада Уаԥстәыла Ареспублика иаҭааит.
Алада-уаԥстәылатәи аҳәааҟны ауаԥс ҵасла Аԥсны Ахада иԥылеит ачеиџьыка рнапы иқәыргыланы. Абыргцәа рхеилак алахәҩы Камболат Битиев А.Бжьаниа бзиала уаабеит ҳәа иаҳәаны, аиҩызаразы аныҳәаҿа никылеит.
Аԥсны Ахада аԥшәмацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз асасдкыларазы, иагьазгәеиҭеит аиашьаратә уаԥстә дгьыл аҟны аҟазаара иара изы шгәахәароу, иаҵшьны иҳәеит ҳтәылақәа ирыбжьоу аиҩызара есааира ишыӷәӷәахо, аԥхьаҟагьы ишыҿиало.
Аԥсны Аҳынҭқарра аофициалтә делегациа абри ашьҭахь Алада Уаԥстәыла аҳҭнықалақь ашҟа – Цхьынвалҟа идәықәлеит.