Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Нанҳәамза 6-9 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аслан Бжьаниа Алада Уаҧстәыла Ареспубликахь иусуратә ныҟәара

05.08.2021

Нанҳәамза 6-9 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аслан  Бжьаниа Алада  Уаҧстәыла  Ареспубликахь иусуратә ныҟәара

Нанҳәамза 6 инаркны 9-нӡа Аҧсны Аҳәынқарра Ахада Аслан Бжьаниа официалтә визитла Алада Уаҧстәыла Ареспублика даҭаауеит 2008 ш. нанҳәамзазы имҩаҧысыз ахҭысқәа ирызку агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәразы.

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра ахадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови реиҧылара мҩаҧысуеит, иара убас иазгәаҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаҧстәыла Ареспубликеи реимадара азҵаарақәа ирызку инарҭбаау аилацәажәара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org