Аслан Бжьаниа Николаи Патрушев ииубилеи идиныҳәалеит

Аслан Бжьаниа Николаи Патрушев ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Николаи Платон-иԥа, азин сышәҭозар, гәык-ԥсык ала шәиубилеи шәыдысныҳәаларц сҭахуп.

Шәара шәыпрофессионализми иныҟәыжәго амаҵзуратә ҭакԥхықәреи инарываргыланы, апатриот иашеи иҳараку атәылауаҩратә иҟазшьақәеи атерроризми аекстремизми рҿагылара иазку ауаажәларратә ҵакы змоу аусура қәҿиарала амҩаԥгараҟны ишәыцхраауеит.

Шәара шәыхьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҭынчреи, азинтә леишәеи, атәылахьчареи рышьақәгылара.  

Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ имаҵураҟны, Шәара хаҭала, шәлагаламҭа дууп ҳтәылаҟны аҭынчреи адәныҟатәи ашәарҭадареи ралыршараҟны. Иумбарц залшаӡом иахьагьы иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбараҟны иҳашәҭо адгылара.

Николаи Платон-иԥа, шәиубилеитә рыцхә аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп шықәсырацәала агәабзиара, агәамч. Аҭынчра, аизҳазыӷьара, шәыԥсадгьыл аизҳазыӷьара иазку шәусураҟны аихьӡара ҿыцқәа!".



Возврат к списку