25.06.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа алитературеи аҟазареи рыҟны илшамҭақәа рзы, гәацԥыҳәаралатәи ауаажәларра-политикатә усуразы "Ахьӡ-Аҧша” аорден III аҩаӡара ианеишьеит ашәҟәыҩҩы Владимир Делба.
Ахада ашәҟәыҩҩы ирҿиаразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
"Шәара исахьарку ажәала аурыс аԥхьаҩцәа рзы Аҧсни аҧсуа жәлари иахьырзеиҭашәҳәо азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Владимир Михаил-иҧа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҧхьаҟагьы аихьӡарақәа" ,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Владимир Делба иганахьала Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ианеишьаз аҳәынҭқарратә ҳамҭа ҳаракы азы, агәра ииргеит аҧхьаҟагьы ирҿиарала ҳ-Аҧсадгьыл ишӡыригало азы.
Ашәҟәыҩҩы Ахада ҳамҭас ииҭеит ишәҟәқәа.