Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Агәалашәареи алахьеиқәреи рымш азы аветеранцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

22.06.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Агәалашәареи алахьеиқәреи рымш азы аветеранцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Акыр иаԥсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа!

Рашәарамза 22 – Агәалашәареи алахьеиқәреи ирымшуп.

Атрагедиа зцу ари арыцхә ԥасатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа ахаангьы ирхашҭраны иҟаӡам. Абри амш аҽны, 80 шықәса раԥхьа иалагеит миллионла ауаатәҩсатә ԥсҭазаарақәа ахьалаӡыз Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа.

Милаҭрацәала ишьақәгылаз атәыла ажәлар зегьы аӡәыкны игылеит Аԥсадгьыл ахьчаразы. Аибашьра аԥхьатәи амзақәа инадыркны Аԥсны арратә комиссариат ахь 5 нызқь инареиҳаны арзаҳалқәа алаҵан афронт ахь ашьҭразы.

55 нызқьҩык иреиҳауп Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа афронтқәа рыҟны афашисттә мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы еибашьуаз Аԥсны аҵеицәа. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп шәҩыла хабарда ибжьаӡит.

Ҳарҭ зегьы иахьа ҳхырхәоит аибашьраҟнытә изыхнымҳәыз рыхьӡала. Ахаангьы иаҳхашҭраны иҟаӡам дарбанзаалак аибашьҩы Аԥсадгьыл ахақәиҭтәразы иҟаиҵаз.

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит, акыр иаԥсоу аветеранцәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, шәааигәа иҟоу рганахьала аҳаҭырқәҵара, абзиабара.

Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы  ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара!»  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org