Аслан Бжьаниа УА Ахада иҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу Анна Кузнецова дидикылеит

  
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу Кузнецова Анна дидикылеит.

Аиԥылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу Џьынџьалԥҳа Мактинеи.

Асас аԥсшәа лаҳәо, Ахада, ҷыдала, иазгәеиҭеит:  

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит, ҳаҭыр зқәу Анна Иури-иԥҳа. Шәара шәвизит аҵак ду амоуп, избанзар ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара иарбан ҳәынҭқарразаалак азы аԥхьа игылоу ауснагӡатәқәа ируакуп.  

Уажәааигәанӡа Аԥсны ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу иаппарат шыҟамызгьы, аҳәынҭқарра ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара азҵаара ҷыдала зҿлымҳара анаҭон.  
Насыԥны, Аԥсны ахәыҷы ҩны ыҟаӡам. Уи зыҟам аҳәынҭқарра ари асоциалтә усҳәарҭа зҿлымҳара анаҭаӡом, аиҿкаара алшаӡом азы акәӡам. Ари ҳажәлар рыхдырра иадҳәалоуп. Ахәыҷы ус илахьынҵахазар, деиҭымны дынхаргьы аҭынхацәа, агәакьақәа дыргоит.

Аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵоит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ҷыдала адгылара рыҭаразы.  Урҭ рзы Аҟәа иаартуп Ареспубликатә реабилитациатә центр. 200 –ҩык ахәыҷқәа инареиҳаны анервтәи амаха-шьаха-еиҭаҵгатә системеи ирыдҳәалоу апроблемақәа змоу ахәыҷқәа ара ареабилитациа иахысуеит, урҭ рзы аҭагылазашьа бзиа аԥҵоуп. Аус рыдырулоит зыҩаӡара ҳараку аспециалистцәа.

Аҟәа иара убас ҷыдалатәи аҿиара змоу ахәыҷқәа рзы иҷыдоу ашкол аус ауеит. Аҳҭнықалақь администрациа ари аҵараиуратә усбарҭа зҿлымҳара ду анаҭоит.  
Уажәаԥхьа сара Аусԥҟа снапы аҵазҩит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу лаҭаразы. Мактина Оҭар-иԥҳа дышқәыԥшугьы, ахәыҷқәа аус рыдулараҟны аԥышәа бзиа лымоуп. Лара напхгара зылҭо афонд ахәыҷқәа аӡәырҩа еиқнархахьеит.  

Амаҵура ҿыц аҟны лареи  шәареи шәусеицуразы Амеморандум аҵаҩрала лусура ахьхацыркхаз асимволтә ҵакы  амоуп ҳәа исыԥхьаӡоит.  
Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу иинститут ҳара ҳзы иҿыцу ҳәынҭқарратә институтуп аҟнытә Шәара шәаппарат аганахьала адгылара ҳақәгәыӷуеит.

Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәвизит азы, ақәҿиарақәагьы шәзеиӷьасшьоит.  

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу Кузнецова Анна лганахьалагьы Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиԥыларазы, иагьазгәалҭеит Аԥсны Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы иҷыдоу аусбарҭа аартра аҵак ду амоуп ҳәа ишылыԥхьаӡо. Илҳәеит иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу ацхыраареи адгылареи лыҭара дшазхиоу.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟазаара иақәыршәаны Мактина Џьынџьалԥҳаи Анна Кузнецовеи  Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоуи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоуи раппаратқәа рыбжьара аилибакаареи аусеицуреи рзы Амеморандум иаҵарҩит.




Возврат к списку