Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Амш идиныҳәалеит

12.06.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Амш идиныҳәалеит.  
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла амш.

Акрызҵазкуа ари амш Урыстәылатәи аҳәынҭқарра шәышықәсалатәи аҭоурых аҟны аамҭа ҿыц ахацрыкра, Урыстәылатәи ажәлар рабиҧарақәа ргәацҧыҳәаралатәи рырҿиаратәи џьа уасхырс иамоу амчи алшеи, Аԥсадгьыл абзиабареи, гәыла-ҧсыла азыҟазаареи ирсимволны иҟоуп.

Иахьатәи Урыстәыла активла аҿиара иаҿуп, иара адәныҟаполитикатә аҧшьгарақәеи апозициеи адунеи аҿы мчы змоу аҳәынҭқарра астатус еиқәырханы иааргоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ҳара ҳзы аҵак дуӡӡа амоуп, мҽхакы ҭбаала ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡарагьы ҳазхиоуп.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр ду шшәықәысҵо агәра шәыргарала гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҟны аихьӡарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа ажәларқәа – аҭынчреи аизҳазыӷьреи».    


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org