Ахада Руслан Хәынҵариа Пицунда ақ. Администрациа Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даиҭеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит «Пицунда ақалақь Администрациа ахада инапынҵақәа назыгӡо изы».

"Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә-адгьылҵакыратә акрақәа рыҟны напхгараҭаразы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны, Шамба Алхас Валикәа-иҧа Пицунда ақалақь Администрациа ахада имаҵзура анагӡара аҟынтә ихы дақәиҭтәуп.

Пицунда ақалақь Администрациа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы даҭоуп Хәынҵариа Руслан Зураб-иҧа.

Хәынҵариа Руслан Зураб-иԥа, диит 1989 шықәса лаҵарамза 29 рзы Гагра араион Лӡаа ақыҭа.

2005 шықәсазы далгеит М.Д. Гочуа ихьӡ зху ашкол №1 Лӡаа ақытаҟны.

2005 шықәсазы дҭалеит Шәача ақ. аҟны абжьаратәи азанааҭтә ҵара Иҳәынҭқарратәым аҵараиуратә усбарҭа «Академиатә коллеџь»  «Азини асоциалтә еиқәыршәареи аиҿкаара» азанааҭ ала, уи далгеит 2008 шықәсазы.

2007 шықәса абҵарамза 13 рзы аррамаҵурахь иԥхьан, аррамаҵура дахысуан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьчаразы аҳәынҭқарратә маҵзураҟны. 2009 шықәса цәыббрамза 30 рзы ԥхьатәара дышьҭын.

2013 ш. дҭалеит Г.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи аекономикатә университет  «Азини асоциалтә еиқәыршәареи аиҿкаара» азанааҭ ала.

Далгеит 2016 шықәсазы. Хәажәкырамза 2 рзы Лӡаа ақыҭа администрациа ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.

2017 шықәса хәадәкырамза 31 инаркны Лӡаа ақыҭа администрациа ахадас дыҟоуп.

Дҭаацәароуп.


Возврат к списку