Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада УА Аҳәаахьчаратә маҵзура анапхгара Аҳәаахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит

28.05.2021

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә цҳамҭақәа рзишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура  Адиректор  Актәи ихаҭыԥуаҩ , Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахьчаратә маҵзура Анапхгаҩы Владимир Кулишови, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура  Аҳәаахьчаратә усбарҭа Аиҳабы Андреи Кудимови Аҳәаахьчаҩ имш инамаданы.
  
Алада иаҳарбоит адныҳәаларатә цҳамҭақәа ртекстқәа:  
  
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Григори-иԥа!

Ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы иара убас ирыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәаахьчаратә маҵзура хаҭалатәи аилазаара зегьы шәзанааҭтә ныҳәа – Аҳәаахьчаҩ Имш!

Аҳәаахьчаратә маҵзура ҳаҭыр змоу, аҭакԥхықәра зцу, иарбантәылазаалак аԥсҭазаараҟны аҭыԥ ҷыда аанызкыло маҵзуроуп.

Иарбан аамҭазаалак, уахынла акәыз аҽынла акәыз, аҳәаахьчаҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылоуп. Урыстәыла аҳәаақәа рыхьчаҩцәа аамҭақәа зегьы раан ҷыдала агәымшәара, ахачҳара, аԥсадгьыл абзиабара змаз ракәын.  

  2009 шықәса мшаԥымза 30 рзы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа иаҵарҩыз «Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҟны аицхырааразы» Аиқәшаҳаҭра аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҟны акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит.  

Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аусзуҩцәа аԥсуа коллегацәа рыцырхырааны Ҳаԥсадгьыл аҳәаақәа рыхьчаразы игылоуп.
Урҭ аҭынчреи ҳаԥсадгьыл аҳәаақәа ршәарҭадареи хылаԥшра арҭоит. Аԥсны жәлар гәыкала иҭабуп ҳәа рарҳәоит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа  инарыгӡо амаҵзуразы.  

Владимир Григори-иԥа, абри аныҳәамш аҽны Шәаргьы, иара убас Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аррамаҵурауаа зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, инашәыгӡо амаҵзураҟны аихьӡарақәа, аҭынчра, аманшәалара».
  

«Ҳаҭыр зқәу Андреи Иури-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иара убас ари аныҳәа рыдысныҳәалоит Урыстәыла Аҳәаахьчаратә усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьы Аҳәаахьчаҩ Имш!

Аамҭақәа зегьы раан Аԥсадгьыл аҳәаақәа рыхьчара аԥсадгьыл иарбанзаалак тәтәрак зҽазызшәоз рыҟнытә изыхьчоз аибашьцәа гәымшәақәа ирусын.  

12 шықәса ҵуеит Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аррамаҵурауаа Аԥсны аԥсуа ҳәаахьчаҩцәа ирыдгыланы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаақәа рыхьчаразы игылоуижьҭеи. Аԥсны жәлар гәыкала иҭабуп ҳәа рарҳәоит ҳтәылаҟны аҭынчреи аҭышәынтәалараеи рыхьчаразы.

Ҳаҭыр зқәу, Андрей Иури-иԥа, абри аныҳәамш аҽны Шәаргьы, иара убас Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аррамаҵурауаа зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара».  

  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org