Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниеи Уалид Амаршьан иҭаацәеи еиԥылеит

20.05.2021

Аслан Бжьаниеи Уалид Амаршьан иҭаацәеи еиԥылеит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика арратә, ауаажәларратә усзуҩы, Шьамтәыла аинрал-амаиор, аԥсуа диаспора ахаҭарнак Уалид Амаршьан иҭаацәеи еиԥылеит.
Аҭаацәеи Ахадеи реиқәшәара аԥхьа Аслан Бжьаниа Уалид Амаршьан анышә дахьамадоу аҭыԥ аҟны ашәҭқәа шьҭаҵаны, ҳаҭырла дигәалаиршәеит.

Аԥснытәи аделегациа ирԥылеит аинрал иԥшәмаԥҳәыс Жансеҭ Казанбеи уи иԥа Ҳалид Амаршьани.
Уалид Амаршьан иԥа асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит аҭаацәа рзы ари ҭоурыхтә хҭысны ишыҟоу. «Шьамтәыла иҟоу Аҩадатәи Кавказ адиаспорақәа ҳтәылаҟны иҟоу аҵак ду змоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирылахәуп. Шьамтәыла иқәынхо Кавказ ажәларқәа, ҷыдала, аԥсуаа ҳаԥсадгьыл ахьчараҟны рлагаламҭа маҷӡам.  
Аҩадатәи Кавказ аҟнытә шьамтәылатәи архәҭақәа ирыланы иҭахаз шәҩык инарзынаԥшуа иҟоуп. Ҳҳәынҭқарра Ахада  Башар Асад иааирԥшыз ахачҳара ду иабзоураны ҳреспублика ахьчара ҳалшеит. Иара иакәымзар, иахьа шәыдкылара ҳалшаӡомызт. Ара шәахьаҳҭоу ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп, Шәаргьы, аԥсуа делегациа иалахәу зегьы иҭабуп  шәасҳәоит», - иҳәеит Ҳамад.  

Ҳамад Уалид Амаршьан иҭаацәа рыхьӡала Аслан Бжьаниа аҳамҭа ииҭеит. «Азин сышәҭозар, Абаза иаҳәа ҳамҭас ишәысҭоит, ари ара арратә академиа даналгоз ицын. Ҳара ҳзы иара хәы амаӡам. Агәра згоит шәнапаҟны  ҳаҭыр ақәҵаны ишшәымазаауа», - иҳәеит Ҳамад Амаршьан.

Иара убас Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иалҳәеит  Жансеҭ Казанба аҭаацәа иахьырҭааз азы. «Аҟәа, ҳабдуцәа рыдгьыл аҟны Уалид Амаршьан ибаҟа аргылара ҳаҭыр ду ақәаҳҵоит, абри инамаданы иҭабуп ҳәа шәаҳәо, ҳара ҳзы хәызмаӡам абри аҳәа ҳамҭас ишәаҳҭоит», - лҳәеит Жансеҭ Казанба.

Аслан Бжьаниа Уалид Амаршьан иҭаацәа ирықәырҵаз аҳаҭыр азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.  «Ҳара ибзианы иаҳдыруеит шәара шәҭаацәа Шьамтәылатәи Арабтә Республиказы иҟарҵаз шырацәоу. Аинрал Уалид Амаршьан ихьӡ хьтәы нбанла Шьамтәыла аҭоурых еиԥш, Аԥсны аҭоурыхгьы ианылеит. Анцәа илԥха шәымазааит. Шьамтәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.», - иҳәеит А. Бжьаниа.
Аиԥылара ахыркәшамҭазы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиеи аинрал Уалид Амаршьан иҭаацәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа рнапы иадыркит.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org