Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рзы
АДҴА
Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра короновирустә ҿкычымазара Ковид-19 ацәыхьчаразы Акоординациатә штаб азыӡба шьаҭас иҟаҵаны2021ш. лаҵарамза 12 инаркны:
1. Ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа иарку ахыбрақәа рыҟны реиҿкаареи рымҩаԥгареи нагӡазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа корновирустә ҿкычымазара Ковид-19 аларҵәара ԥзырҟәҟәаауа анаплакқәа, ауаажәлааратә крыфарҭақәа, акультуреи аспорти русбарҭақәа рыҟны аамҭаԥҵәа азгәазҭо асанитартә-епидемиологиатә ҭахрақәа ишьақәдыргылаз асанитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи ӷәӷәала ирықәыршәаны.
2. Атәылауаа ирабжьгазааит:
а) хаҭалатәи ахьчара алзыршо ахархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) рныҟәгара ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы;
б) ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рахь анеиразы аҽынкылара;
3. Ишьақәырӷәӷәазааит ихымԥадатәиу азеиԥш ҭахрақәа:
1) ауаажәларратә транспорти атаксиқәеи рҟны апассаџьырцәа рныҟәгаразы амаҵзура анагӡара аусхк аҟны:
а) иаанкылазааит аиндивидуалтә хыхьчагақәа рыда ( амедицинатә сабрадақәа) апассаџьырцәа рымҩангара;
б) русура аанкылазааит апассаџьырцәа ныҟәызго амашьынаныҟәцаҩцәа хаҭалатәи ахыхьчага (амедицинатә сабрадақәа) зҿам;
в) аҭыԥантәи администрациақәа ауаажларратә транспорт асалонқәа есҽны адезинфекциа азура алдыршалааит.
2) ахәаахәҭратә усхк аҟны:
а) Аҟәа ақалақьи Аԥсны Аҳәынҭқарра араионқәеи рҟны афатә аалыҵқәеи, ақыҭанхамҩеи, амаҭәақәеи рџьармыкьақәа есымчыбжьа (мчыбжьык ахьтә знык еиҵамкәа) ахәаахәҭратә хыбрақәеи ааигәа иҟоу адгьылҵакыреи апрофилактикатә дезинфекциа рызузааит;
б) ахәаахәҭиҩцәа (аусуцәа) рзы аиндивидуалтә хыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи анапҭарԥақәеи) рныҟәгара хымԥадатәизааит.
3) ауааԥсыра рзы амаҵзурақәа рынагӡара аусхк аҟны:
а) астационартә хәаахәҭратә обиектқәеи, амашьынақәа абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәеи, ааглыхратәи ауаажәларратәи хыбрақәеи зтәу есымчыбжьа (мчыбжьык знык еиҵамкәа) рнапаҵаҟа иҟоу ахыбрақәеи, урҭ рааигәа иҟоу аҭыԥқәеи рыҟны апрофилактикатә дезинфекциа мҩаԥыргалаааит;
б) амаҵзура аусхк аҟны аус зуа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәа)рныҟәыргара рыдҵазааит.
4. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи аҭыԥантәи администрациақәеи аҵарашықәс хыркәшахаанӡа:
а)ахәыҷбаҳчақәеи азеиԥшҵараиурат усбарҭақәеи русура ахылаԥшра арҭалааит ишьақәыргылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа короновирустә ҿкычымазара Ковид-19 алаҵәара алмыршара иазку асанитартә ԥҟарақәеи даҽа ҭахрақәаки рықәныҟәаразы ;
б) иара иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәеи азеиԥшҵараиуратә усбарҭақәеи иааиԥмырҟьаӡакәа хаҭалатәи ахыхьчагақәеи (амедицинатә сабрадақәа) адезинфекциатә маҭәашьарқәеи рыла еиқәнаршәалааит.
5. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра:
а) ауааԥсыра адырра рынаҭалааит коронавирустә ҿкы COVID-19 азы авакциналаҵара аԥҟареи аҭагылазаашьақәеи рзы;
б) есымчыбжьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи адырра рыҭалазааит коронавирустә ҿкы COVID-19 азы авакциналаҵара алҵшәақәа рзы.
6. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзурала Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраарала асанитартә-епидемиологиатә хылаԥшра аобиектқәа ргәаҭара амҩаԥгара алыршазааит.
7. Аҭакԥхықәра зду ҳәа ишьақәыргылазааит:
– аҭыԥантәи администрациақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзуреи – абри Адҵа апунктқәа 1, 3 рынагӡараҟны;
– Аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аԥсны аҳәынҭқарра аминистрра абри Адҵа апункт 4 анагӡараҟны;
– Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра - абри Адҵа апункт 5 анагӡараҟны; ;
Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура – абри Адҵа апункт 6 анагӡараҟны;
8. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иара иаҵанакуа азҵаарақәа рҳәаа иҭагӡаны абри Адҵа апункт 7 аҟны иарбоу аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа ирыцхрааит абри Адҵала ишьақәыргылоу аҭахрақәа рынагӡараҟны.
9. Абри Адҵа амч аиуеит иара анаҵаҩха арыцхә инаркны.