Аслан Бжьаниа Аԥсны Абанк Амузеи аартра иазкыз ацеремониа далахәын

Аслан Бжьаниа Аԥсны Абанк Амузеи аартра иазкыз ацеремониа далахәын

Амузеи аҟны ицәыргоуп антикатәи аамҭа, абжьаратәи ашәышықәса, Урыстәылатәи аимпериа, ареволиуциақәа (1917 – 1923 шш.), СССР-и иахьатәи Аԥсни рхаантәи амонетақәеи аԥаратә дыргақәеи.

Амузеи Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи Ахада Владислав Арӡынба иирамш азгәаҭара иақәыршәаны иаартын.

Абанк Амузеи аартраҟны иҟан иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа анапхгара, Аԥсны Жәлар Реизара –Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аиҳабыра алахәцәа уб.егь.


Возврат к списку