Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын

14.05.2021

Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса аҵра инамаданы ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын.  

Ацеремониа иара убас иалахәын: Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Валери Делба, апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Аладатәи Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Приднестровиатәи Молдавиа Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org