11.05.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭан Ахада Рустам Минниханов дидышшылеит Казан ашколхәыҷқәа рҭахара инамаданы.
«Ҳаҭыр зқәу Рсутам Нургали-иԥа,
гәалсра дула сшәыдышшылоит бџьарла агимназиа №175 ақәлара ашьҭахь иҟалаз арыцҳара ду инамаданы. Ӷәӷәала ҳақәыӡбоит ари агыгшәыгра.
Аԥсны жәлар зегьы рыхьӡала сшәыдышшылоит, рхьаа рыцеиҩаҳшоит иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәа, зыԥсы еиқәхаз лассы агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит».